Арадио

Салаҟаиаԥҳа: ҳбиуџьеҭ еиҳахар, аӡын амаамынқәа акгьы рыгым ҳҳәартә ҳҟалон

Аексперименталтә патологиеи амедицинеи рыҭҵаарадырратә институт аусзуҩы Альдона Салаҟаиаԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аӡын аамҭазы амаамынқәа хылаԥшра шрырҭо атәы.
Sputnik
Салаҟаиаԥҳа: ҳбиуџьеҭ еиҳахар, аӡын амаамынқәа акгьы рыгым ҳҳәартә ҳҟалон

"Аӡын, ҳәарада, ҳазыхиоуп. Иҳамоуп амаамынқәа иаҳа аԥхарра зҭаху, дара хыԥхьаӡарала ирацәаӡам, Латинтәи Американтәи иаагоу роуп азы, даара аԥхарра рҭахуп. Урҭ ыиаҳгоит дача нхарҭак ахь, рыфатәгьы аҽаԥсахуеит, аха иагымхароуп. Аԥара ҳаур, рыкрыфара еиҳагьы иацаҳҵон, избанзар дара ирҭахуп ашәыри акәтыжьи. Аха урт рыхә есымшагьы иҳамаӡам. Ҳбиуџьеҭ иаҳзацырҵар, усҟан акгьы рыгым ҳҳәар ҳалшоит. Есышықәса еиԥш аӡын амаамынқәа рыфатә ахь иацаҳҵоит ақашь ԥха, есымша ирфо ахь иаҵанакуеит акәтаӷь, ачаԥха, ауҭраҭыхи ашәыри. Рҭыԥ акәзар, иԥхоуп, есышықәса еиԥш, сынтәагьы ҳахиоуп", - ҳәа еиҭалҳәеит Салаҟаиаԥҳа.       

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.