Арадио

Сақаниа Бедиатәи ауахәамазы: аиԥш ибеиаз, иҩычаз аргылара Аԥсны аҳраҿы ыҟамызт

Зқьышықәса инареиҳаны изхыҵуа Бедиатәи ауахәамаҿы аепископ ҭыԥ шыҟалаз аҭоурых атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит аҟазараҭҵааҩ Сурам Сақаниа.
Sputnik
Сақаниа Бедиатәи ауахәамазы: аиԥш ибеиаз, иҩычаз аргылара Аԥсны аҳраҿы ыҟамызт

"Баграт II дқәыԥшын, аибашьра даиааин, ауахәама аргылара далагеит. Зны иара иҳәынҭқарра гәеиҭарц Аԥсынтәыла дшакәшоз, аамҭаказы аӡхыҵра бааԥс дуӡӡак ҟалеит. Уи Гәдаа ауаа хнарҵәеит. Адгьыл ӡааҟәрылеит, иӡааҟәрылеит уа игылаз ажәытә уахәамагьы. Аӡә дынхазар ҳәа Баграт II ир иманы аӡхыҵра лаҟәуа ианалага дышнеиуаз, ауахәама ажәытә игылаз ԥгарцаз хәыҷык акәын иагаз. Шьоукы аӡхыҵра рҽацәырыхьчарцаз ахыб иқәтәан. Ауаа ирыцхрааит, аха ажәытәтәи ауахәама аиқәырхара амуит. Анаҩс Баграт II даалаган убра Гәдаа иҟаз аепископ ҭыԥ Бедиа аҭыԥ ахь ииаигеит. Уи аргыларагьы далагеит, иаарласны иагьдыргылеит ауахәама. Иара хәба-фба шықәса идыргылон. Аҩырақәа рҿы иазгәаҭоуп: "избар зҭаху зегьы иреиӷьӡоу аргылара ауахәамақәа рганахьала, дааит, ибааит Бедиа, изакә ныхачаԥоу игылоу, заҟа ибеиоу, заҟа иԥшӡоу", - ҳәа. Абасала ирҽхәаны иануп Қарҭ Бедиатәи ауахәама иазкны иҳаԥшааз аҩыраҿы.    

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.