Арадио

Кобахьиа "Еиҿкааралатәи ацәгьоуразы" азакәан азы: иахылаԥшуеи иаҿагылои меиҩызцәахароуп

Аҩнуҵҟатәи аусқәа аминистрра аамҭак азы иахагылаз Аслан Кобахьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы "Еиҿкааралатәи ацәгьоуразы" азакәан адкыларазы игәаанагара иҳәеит.
Sputnik
Кобахьиа "Еиҿкааралатәи ацәгьоуразы" азакәан азы: иахылаԥшуеи иаҿагылои меиҩызцәахароуп

"Воры в законе" уи ҳара иаҳтәым усуп, динлеи ҵаслагьы зынӡа иаҳтәым усуп. Аӷьычцәа пату рықәҵара, раҳаракра – зынӡа иҟамызт ус еиԥш, уи атәым иҟнытә иааз ауп. "Еиҿкааралатәи ацәгьоуразы "азакәан азҵаара зышьҭыҵи уажәы, аҳәынҭқарра уи изадгыло атәы ҳҳәозар, урҭ рхымҩаԥгашьа иара аҳәынтқарра ахаҭа ашәарҭадара ҵнаршәаауеит. Уи иаԥырхагоу зегьы мап ацәктәуп. Азакәан уажәы Жәлар Реизарахь инеит, аамҭа иаҳнарбап уи иалахьынҵахо. Аха иҳәатәуп, азакәан еснагь ҩыџьа рзы ишыҟоу, уи иахылаԥшуеи иаҿагылои, урҭ меиҩызцәахароуп, мап анакәха, арыцҳара ҟалоит. Егьыс, анхаҩы изы, ахаан азакәан еилазымго изы, иара иҟоу иҟамуи зегь акоуп", - ҳәа азгәеиҭеит Кобахьиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.