Аррамаҵзурауаа аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит Аԥсны иҟоу арратә базаҿы

Курсктәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рҟны арратә комиссариатқәа ҿыц аррахь инарыԥхьаз Аԥснытәи арратә базаҟны аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргеит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 9 — Sputnik. 50-ҩык рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз Аԥсны иҟоу урыстәылатәи арратә базахь иааит аҭоубашьҭаҵара мҩаԥыргарц. Урҭ уаанӡа азеиԥшзыҟаҵарақәа ирхысхьан. Абри атәы аанацҳауеит Аладатәи арратә округ апресс-маҵзура.

"Урҭ рыбжьара иҟоуп атанкқәа роператорцәа, азенит-ракетатә комплексқәа рҟазауаа, аракетатә комплексқәа роператорцәа. Аррамаҵзурауаа зегьы амедицинатә гәаҭара иахыжьуп", — ҳәа аҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Анкетамҩаԥгараан иалкаахеит ҵыԥх аасҭа сынтәа аррахь инаԥхьоу 10% рыла рҵарадырра шеиҳау.

"30% рҟынӡа иреиҳау аҵараиурҭақәа ирылгахьеит, 40% — ибжьаратәу азанааҭтә дырра рымоуп", - ҳәа арбоуп адырраҭараҟны.

Аррамаҵзурауаа рыԥсахраан урҭ рхыԥхьаӡара аҽеиҭанамкӡеит.

2019 шықәса ҭагалантәи арранаԥхьара зауз рҟынтәи 200-ҩык рҟынӡа Аԥсныҟа иаашьҭхоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: