Арадио

Сақаниа Аҿартә театр агастрольқәа рзы: ҳашьцәа нхыҵаа гәыкала ҳрыдыркылап ҳәа ҳгәыӷуеит

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Мдар Сақаниа арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Нхыҵ Кавказ аиашьаратә республикақәа рҟны агастрольқәа шымҩаԥырго.
Sputnik

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә аҿартә театр ԥхынҷкәын 11, 12 рзы Нальчики Черкесски ақалақьқәа рҟны ахәаԥшыҩцәа иддырбоит Баграт Шьынқәба иҩымҭала ақәыргыламҭа "Ацынҵәарах".

Сақаниа Аҿартә театр агастрольқәа рзы: ҳашьцәа нхыҵаа гәыкала ҳрыдыркылап ҳәа ҳгәыӷуеит

"Сынтәа нанҳәамзазы Аԥсны дыҟан Адыгатәыла инхо еиуеиԥшым аконцертқәа еиҿызкаауа Асиет Меретукова. Аспектакль "Ацынҵәарах" дахәаԥшырц ааԥхьара лаҳҭеит ара лыҟазараан, даара илгәаԥхеит, илнырит. Иара убасҟан ахшыҩҵак цәырҵит ақәыргыламҭа ҳашьцәа Нхыҵ Кавказ инхо рахь агара. Лара лхахьы илгеит уи аиҿкаара, иацу ахарџьгьы. Ашықәс ҿыц ҳанҭалалак ашьҭахь ҳгәы иҭоуп ақәыргыламҭа убасгьы ақалақьқәа Маиҟәаԥ, Краснодар, Лазаревск рахь агара", - иҳәеит Сақаниа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.