15 миллион рыхә атранспорттә хархәагақәа аахәахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи

Ахықәкытә программа "Аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәеи аусҳәарҭақәеи рзы амаҵзуратә транспорттә хархәагақәа раахәаразы" рыдыркылеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара ԥхынҷкәын 10 рзы имҩаԥысуа аилатәараҿы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Бадри Есиава. 15 миллион мааҭ рҟынӡа ареспубликатә биуџьет иазтәоит 2020 шықәса рзы автотранспорттә хархәагақәа раахәаразы. Абри азы ақәҵара рыдыркылеит Аԥсны Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы.

Адокумент аминистрцәа ирыдигалеит Аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы Давид Сангәлиа. Ақәҵара инақәыршәаны Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭаз иаахәахо ацхыраара ласы амашьына иақәырӡхоит 9 миллион мааҭ. Амашьына еиқәыршәахоит амобилтә реанимациа акомплекс ала. Абыргцәа рыҩназы иаахәахо автобус маҷ иахшәаахоит миллионки 400 нызқь мааҭ. Ареспубликатә хәышәтырҭагьы иазаахәахоит "минивэн" (ахәԥса: 354 000 мааҭ).

Иара убасгьы хықәкылатәи апрограмма иазыԥхьагәанаҭоит ареспубликатә газеҭқәа "Абхазия", "Аԥсны", аекономика аминистрра, Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа амаҵзуратә транспорт рзаахәахоит, автобус маҷ аиуеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи.

Сангәлиа иазгәеиҭеит автотранспорттә хархәагақәа раахәара аиндаҭларатә ҵаҵӷәы шроуа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: