Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи аԥаразоужьра мҩаԥнагоит

Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи 260 000 мааҭ шәахоит аныхымҭақәа ҩба рхарҭәааразы. Урҭ арбақәан еилышәкаар ҟалоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Аминистрцәа Реилазаара арезервтә фонд аҟынтәи 260 000 мааҭ ашәоит ареспубликаҿы аинформациа-ӡыргаратә ныҟәара амҩаԥгарази карате киокусинкаи азы атурнир Гәылрыԥшь амҩаԥгарази.

Афинансқәа рминистр Џьансыхә Нанба иажәақәа рыла, Акурортқәеи атуризми рзы аилак иазоужьхоит 200 000 мааҭ Ҟрыми Башкириеи рҟынтәи атуриндустриа ахаҭарнакцәа рзы аинформациа-ӡыргаратә ныҟәара амҩаԥгаразы. 60 000 мааҭ шәахоит Агәыӡыратәи аспорткомплекс ааӡамҭацәа карате киокусинкаи азы XVIII Жәларбжьаратәи атурнир "Юный мастер" ралахәхаразы.

Нанба иажәақәа рыла, ари азы аҳәара ҟаиҵеит Апарламент аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, аԥснытәи аспортсменцәа жәларбжьаратәи атурнир алахәхара рылшарц азы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: