АҞӘА, ԥхынҷкәын 10 - Sputnik, Бадри Есиава. Аҷаҷатә терапиа аԥсахразы ахықәкытә программа анагӡараз Аԥсны абиуџьет аҟынтәи 2020 шықәсазы иныххоит 65 миллион мааҭ.
Абри азы апроект Аминистрцәа реилазаара аилатәараҿы ирыдигалеит Аԥсны Агәабзиарахьчареи асоциалтә еиқәыршәареи рминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа.
Иара иазгәеиҭеит ачымазцәа рхыԥхьаӡара иазҳауа ишалагаз, 2012 шықәса рзы ашәҟәы иҭагалаз 23 пациент ракәзар, 2019 шықәса рзы урҭ рхыԥхьаӡара 65-ҩык рҟынӡа ишынаӡаз.
Иааидкыланы шықәсык аҩныҵҟа имҩаԥыргоит агемодиализ апроцедурақәа хәнызқь рҟынӡа.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
15 миллион рыхә атранспорттә хархәагақәа аахәахоит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи