Арадио

Занҭариа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы: абаҩхатәреи анамыси еилаҵәеит рхаҭарақәа рҿы

Аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Владимир Занҭариа Аҟәа иаатыз Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵаҟны иазгәеиҭеит ари аҟазарахкы знапы алаку рлагала атәы.
Sputnik
Занҭариа аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рзы: абаҩхатәреи анамыси еилаҵәеит рхаҭарақәа рҿы

"Иџьоушьаратәы илакәушьаратәы иҟоуп аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа, аскульпторцәа, ҳҟазацәа знысыз амҩа. Даара абаҩхатәра злаз, зымҽхак ҭбааз ауаа нагақәа аҵагылан Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла, аԥсуа сахьаҭыхратә ҟазара. Урҭ рыхьӡ европатәи аҳәынҭқаррақәа рҟны ирдыруеит, Аԥсны анҭыҵ акырџьара ацәыргақәҵақәа еиҿыркаахьеит. Уи иаҳәоит абаҩхатәра амҽхак атәы, уи ыҟамызҭгьы ус иазхарҵомызт ҳсахьаҭыхыҩцәа", -  иҳәеит Занҭариа.

Аԥсны ахада иабжьгаҩ ицәажәараҟны убасгьы иазгәеиҭеит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рлагала амилаҭ-хақәиҭратә қәԥараҟны.

Шәазыӡырҩы аудио. Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.

Аԥсны Асахьаҭыхыҩцәа реидгыла 80 шықәса ахыҵра иазку ацәыргақәҵа аҭааҩцәа рзы иаартызаауеит мчыбжьык аҩнуҵҟа.