Арадио

Агрба аԥсаӡқәа хылаԥшра рыҭаразы: зегьы гәцаракны иҳамоуп

Аԥснытәи абнақәа рҟны аԥсаӡ аԥҟара азин ҟазымҵо ақәҵара шынарыгӡо атәы, насгьы абнақәа хылаԥшра абанӡарзаҭо абнахылаԥшцәа - абри атәы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Риҵатәи аҳәырԥсарра абнахылаԥшцәа реиҳабы Иура Агрба.
Sputnik
Агрба аԥсаӡқәа хылаԥшра рыҭаразы: зегьы гәцаракны иҳамоуп

"Ԥшьҩык аҷкәынцәа абнахьчаҩцәа сымоуп, егьырахь Ауадҳара, Кәыџба иашҭа итәоуп, зегьы абна ҳахылаԥшуеит, ус уааины иабалак ҟаҵаны уцо иҟаӡам. Уажәы Ашықәс ҿыц аныҳәа ааигәахо ианалага, еиҳарак аԥсаӡқәа хылаԥшра раҳҭоит. Арахь ихало зегьы ԥсшьаразы иаауеит, макьана аԥҟара еилазгаз ҳәа аӡәгьы дҳамбац. Ауаа рхымҩаԥгашьа ҳахәаԥшуеит, зегьы гәцаракны иҳамоуп. Ҳусура ҭакԥхықәрала анагӡаразы ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа еиҭеиҳәеит Агрба.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.