Геи шьхеи еимдо: аурыс аррамаҵзурауаа БТРқәа рнапахьы иааргоит

Аполигонқәа рҿы аҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәхоит 150 ак арратә техникеи зықьҩык рҟынӡа аррамаҵзурауааи.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 11 - Sputnik. Аԥснытәи аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҿы ҿыц арахь инаԥхьоу Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа ҳаамҭазтәи акәылӡтәы транспортиорқәа БТР-82АМ рнапахьы иааргоит ҳәа аанацҳауеит аокруг апресс-маҵзура.

Ауснагӡатә аҳәаақәа ирҭагӡаны асолдаҭцәа ҿарацәа иддырҵоит БТРқәа ртактика-техникатә ҟазшьақәа, рхархәара аԥҟарақәа, ахысшьа.

Аԥышәа змоу аинструкторцәа рхылаԥшрала БТР-82АМ амеханик-рныҟәаҩцәа ашьхаратә ҭыԥқәа рҿи аӡышьҭрақәа рҿи аныҟәарақәа мҩаԥыргоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: