Арадио

Кәакәасқьырԥҳа: Ҷоҷуа еиқәиршәаз раԥхьатәи аԥсуа "Анбан" 40 шықәса ашколқәа рҿы иркын

Аԥсны Апедагогикатә институт адиректор Ирина Кәакәаскьырԥҳа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭалҳәеит еицырдыруа аԥсуа рккаҩы Андреи Ҷоҷуа арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәаҩ иаҳасабала илшамҭақәа ртәы.
Sputnik

Иахьа Аԥсуаҭҵааратә институти Аԥснытәи аҳәынҭкарратә университети еицымҩаԥыргеит еицырдыруа аԥсуа рккаҩы Андреи Максим–иԥа Ҷоҷуа  диижьтеи 140 шыкәса аҵра иазкыз аҭҵаарадырратә конференциа.

Кәакәасқьырԥҳа: Ҷоҷуа еиқәиршәаз раԥхьатәи аԥсуа "Анбан" 40 шықәса ашколқәа рҿы иркын

"Андреи Ҷоҷуа аԥсуа ҵара, аԥсуа культура, аԥсуа уаажәларратә усзуҩны иӡбахә уҳәар ауеит, аха аҵареи арҵаратә апроцесси, ааӡаратә асистемаҿи илагалоуп аԥхьаӡа иԥсҭаӡаараҿы узлацәажәаша. Иара аусура далагеит Аԥсны Асовет мчра аныҟала ашьҭахь, ҳтәылаҿы ашколқәа анаадырт инаркны. Иара илагала дууп арҵагашәҟәқәа реиқәыршәараҿы, еиҳараӡак, алагарҭатә школқәа рҿы. Иаҳа ихадоу арҵагатә шәҟәқәа иҟоу, "Анбан" инаркны, хыԥхьаӡара рацәала инапы рылакын арҵагатә шәҟәқәа реиқәыршәара. Уи аԥсуа рҵагақәа реиԥш, еиқәиршәон аурыс рҵагатә шәҟәқәагьы. Зегьы реиҳа иӡбахә злаҳдыруа, арҵаратә процесс иаҿу аҵарауаа зегьы, 1908 шықәса рзы еиқәиршәаз аԥхьатәи аԥсуа "Анбан" алоуп. Шықәсык уи "Анбан" ҭырҵаауан акомиссиа ҷыда иалаз, 1909 шықәса рзы иара аҭыжьра азин арҭеит. Анаҩс уи "Анбан" ҩажәантә аиҭаҭыжьра иахысит. 40 шықәса иара ашколқәа рҿы иркын", - ҳәа еиҭалҳәеит Кәакәасқьыр.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.