АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 - Sputnik. Швециатәи аеко-активистка Грета Тунберг ажурнал Time аверсиала "Ашықәс ауаҩы — 2019" ҳәа ахьӡ даԥсахеит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"Ашықәс ауаҩы" ҳәа ахьӡ иаԥсахахьоу рҟынтәи лара зегь раасҭа дқәыԥшуп", - иҳәоит ажурнал аредактор хада.
"Ашықәс ауаҩы" иалхра есышықәса итрадицианы имҩаԥысуеит. Асеиԥш ахьӡ зыхҵоу ауаҩы ифотосахьа ажурнал Time ацәаҿы иркьыԥхьуеит.
Абри аҩыза ахьӡ иаԥсахоит ашықәс аҩнуҵҟа ауаажәларра еиҳа анырра рызҭаз ахаҿы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Грета Тунберг Нобель ипремиа иаваҟәыло Жәларбжьаратәи аԥхьахә ланаршьеит