Қаџьаиа: аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара зеиԥшразаалак, Ашықәс ҿыц азы аныҳәа рзыҟаҳҵоит
© Sputnik
"Ҳсасааирҭа аус ауеижьҭеи шьҭа 10 шықәса ҵуеит. Арҭ ашықәсқәа рзы Ашықәс ҿыц аныҳәаан аԥсшьаҩцәа ҳҭаауеит. Шәаҳәарала, кәашарала, афеирверкқәа уҳәа аныҳәа ишахәҭоу еиԥш ҳаԥылоит, аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара маҷу ирацәоу ҳәа ҳахәаԥшӡом, ҩажәижәаҩык рҟынӡа ҳарзыԥшуп. Иҟоуп аныҳәазы ахәыҷқәа рыманы ԥсшьара ианаауагьы. Урҭ рызгьы еиҿаҳкаауеит ахәмаррақәа, ақәгылара. Ашықәс ҿыц аныҳәазы ҳсасааирҭаҟны ахәқәа шьҭаҳхӡом, ишыҟац иаанхоит, бжьаратәла 2000-2500 мааҭ иаԥсоуп ҩыџьа ахьаангыло аномер", - иҳәеит Қаџьаиа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.