Аԥсаӡ иазымычҳаит: Аминистрцәа Реилазаара ахыбраҿы амцакра ҟалеит

Аԥсны Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра ахаҭарнакцәа амцакра ахьыҟалаз аҭыԥ ахь инеит асааҭ 14:42 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 – Sputnik. Ажәанба имҩа №9 аҿы иҟоу Аминистрцәа Реилазаара аҩбатәи акорпус аҟны аԥсаӡ амца акит ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Амцакра ҟалеит Аиустициа аминистрраҿы, аԥшьбатәи аихагылаҿы. Аԥсны АҶА ахаҭарнакцәа амцакра ахьыҟалаз аҭаԥ ахь инеит асааҭ 14:42 рзы.

Амцарцәаҩцәа неиаанӡа, амцарцәагала амца дырцәахьан.

"Абылра аанкылан Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩ ибзоурала. Иара амца арцәара дахьӡеит", - иҳәеит Гындиа.

Амцакраан аӡәгьы машәыр имыхьит иҳәоит Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Саҭбеи Гындиа.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: