Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит

Евроеидгыла аԥхьагылаҩцәа рсаммит мҩаԥысит ԥхынҷкәын 12 рзы. Уаанӡа асанкциақәа рыҿҳәара ҳәа иԥхьаӡан ԥхынҷкәын 31, 2020 шықәса.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13 - Sputnik. Еврохеилак ахада Шарль Мишель официалла аҳәамҭа ҟаиҵеит Евроеидгыла Урыстәыла аганахьала асанкциақәа ирыцнаҵеит даҽа фымз ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Нормандиатәи аформат ала Париж имҩаԥысыз асаммит ашьҭахь ҳара ҳазыӡырҩит Урыстәылеи Украинеи рганахьала Франциеи Германиеи ражәахә. Абри ашьҭахь ҳара иҳадаҳкылеит асанкциақәа рыҿҳәара инахазарц аӡбара", - иҳәеит Шарль Мишель, ажурналистцәа аинтервиу рыҭо.

Евроеидгыла асанкциақәа рыҿҳәара даҽа шықәсыбжак инахеит.

ЕАА Урыстәыла аганахьала асанкциақәа дырҭбааит

"Асанкциақәа ирыҵанакуеит афинанс, аенергетика, атәылахьчара рус хкқәа", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Евроеидгыла апресс-маҵзураҿы иазгәарҭеит асанкциақәа рыцҵаразы аӡбара шрыдыркылаз ФРГ аканцлер Ангела Меркели Франциа ахада Еммануель Макрон Минсктәи аиқәшаҳаҭрақәа рҭагылазаашьа иазкыз ражәахәқәа рышьҭахь.

Еиду аштатқәеи Евроеидгыла атәылақәеи Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аларгалеит Украинатәи ахҭысқәа ирыдҳәаланы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: