АҞӘА, ԥхынҷкәын 6 - Sputnik. ЕАА Афинансқәа рминистрра аԥшьаша, ԥхынҷкәын 5 рзы ирыланаҳәеит урыстәылатәи аилахәырақәа Evil Corp аиԥш зеиԥшуи 17-ҩык ахатәхаҿқәеи рганахьала асанкциақәа шалагалахо. Асанкциақәа ҵаҵӷәыс ирырҭоит акиберцәгьоурақәа рылахәра. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.
"ЕАА Афинансқәа рминистрра аҳәаанырцәтәи активқәа рхылаԥшразы аусбарҭа (OFAC) ауснагӡатәқәа аднакылеит аилахәыра Evil Corp аганахь ала, акиберцәгьоурақәа ирылахәуп, ПО Dridex аланарҵәоит ҳәаиазыԥхьаӡаны» абас арбоуп аусбарҭа адырра атекст аҿы.
Иакубец иԥшаареи иаанкылареи рзы хә-миллион доллар аԥара шшәахо рылаҳәоуп. Афинансқәа рминистрра адыррақәа рыла иара абанктә ԥхьаӡарақәа рҟынтәи 220 миллион доллар рӷьычра иҽазишәон.
Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров ԥхынҷкәын 5 рзы аҳәамҭа ҟаиҵеит Москва ЕАА аганахь ала ауадаҩрақәа раԥҵара шаҭахым аха аҭак шьаҿақәа шыҟанаҵо.
"Москва ЕАА раганахьала ауадаҩрақәа раԥҵара аҭахым, агәгьы иҭам. Аусеицура хра аҭаны иаднагалоит изакәызаалак ҩныҵҟатәи ма дәныҟатәи хьыԥшрак ҟамҵакәа", - иҳәеит Лавров италиатәи аинформациатә маҵзура "АСКАньюс" аинтервиу аҭо.
Аминистр иазгәеиҭеит урыстәылатәи аган адиалог ишазыхиоугьы аҭактә шьаҿақәа рыҟаҵара ахәҭаны ишаԥхьаӡо.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
-
Ԥлиаԥҳа еиҭалҳәеит Урыстәыла аганахьала асанкциақәа аполитика анырра ахьынӡанаҭо
-
Трамп Ердоган идигалеит 100 миллиард доллар шьақәзыртәо аилаӡара