Аԥсны аиҳабыра рықәҵара инақәыршәаны ареспубликатә биуџьет аҟынтәи 9 миллион мааҭк иааиуа ашықәс азы иазоужьхоит Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа азы иҷыдоу ацхыраара лас амашьына аахәаразы.
Џьопуа иҷыдоу ацхыраара лас амашьыназы: даара иаҳҭахуп
© Sputnik
"Иахьатәи аамҭазы даара иаҳҭахуп ас еиԥш иҟоу амашьына. Уи иаҳа иарманшәалоит зчымазара уадаҩу ахәыҷқәа рымҩаԥгара. Аппарат ИВЛ ҳәа ачымазаҩ иԥсыԥ алагаҩагаразы иҟоу - уи ала еиқәыршәоуп. Иҟалалоит ичмазаҩу ахәыҷқәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ианаҳашьҭуа, ус еиԥш машьынада иузымго", - иҳәеит Џьопуа.
Иара иажәақәа рыла, мызкы иалагӡаны иҷыдоу ацхыраара лас амашьына бжьаратәла 5-6-нтә аҭыҵра иақәшәоит ичмазаҩцәоу ахәыҷқәа чымазаҩцәа рымҩаԥгаразы.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sрutnik Аԥсны аефир аҟны.