"Раԥхьаӡа Адаԥазар аԥсуа-абаза хеилак 1966 шықәса рзы Омар Беигәаа иҩызцәеи иареи еиҿыркааит. Убри аахыс уи ҳхатәны иҳамоуп ақалақь агәҭаҿы, аха уажә ҿыц иааҳартыз маҷк ақалақь инацәыхараны иҟоуп, ачарақәагьы ууа, иаҳа инарҭбааны иҟаҵоуп. Ақалақь ахада адгьыл ҳаиҭан, ҳара аԥара еилаԥсаны шықәсык ахи-аҵыхәалеи иҳаргылаз хыброуп. Адаԥазар мацара 80-ҩык рҟынӡа аԥсуа студентцәа ыҟоуп, егьырҭ агәыла қалақьқәа рҿгьы инхоит. Абарҭ зегьы аҿар еидкыланы реибадырра иазкны имҩаԥаагеит ахәылԥаз. Ҳаргьы еиҳа еиҳабу, аҿар идҳарбеит ҳаидгылара закәу, ҳаԥсуара, анаҩс уи ргәы азыбылырц. Ҳара ара аҩышьа, аԥхьашьа ҳамаӡамызт, ашәҟәы ҳаԥхьан аԥсуара ҳзыҵаӡомызт. Ҳаиҳабацәа рҟнытә иаҳбаз ҳаиҵбацәа рахь иаҳзиагозар ҳәа ҳаҿуп, убри алагьы ҳаԥсуара еиқәҳархарц ҳаҿуп", – ҳәа еизгәеиҭеит Ахәаҷба.
Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.