Арадио

Габалиа ахатәы бызшәа арҿиара азҵааразы: зны ишьҭыркаартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭатәуп

Аҳәынҭқарра аԥсуа бызшәа арҿиаразы иоунажьуа аԥара алҵшәа амоума? Иҟаҵатәузеи ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара рзымариахарцаз, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Б. Шьынқәба ихьӡ зху афонд аусзуҩ, ашәҟәыҩҩ Дырмит Габалиеи.
Sputnik
Габалиа ахатәы бызшәа арҿиара азҵааразы: зны ишьҭыркаартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭатәуп

"Абызшәа арҿиара азҵаара анықәҳаргыла, абызшәа ҳармариароуп, уи адагьы ԥсыхәа ҳамаӡам, аха уи иаҿагылогьы иҟамзароуп. Ҳара иаҳҭаху ҳдыруазароуп - ахәыҷқәа абызшәа дҳарҵар ҳҭаху, афольклор дҳарҵарц ҳҭаху, аҭоурых дҳарҵарц ҳҭаху, аԥсуара дҳарҵарц ҳҭаху. Абызшәа арҵара азҵаара ахьықәгылоу, ҳдоуҳатә ҳкультуратә баҟа ду иҳамоугьы уа иадаҳҵарц ҳалагоит. Аԥхьа ахәыҷқәа алексика шьҭыркаартә еиԥш аҭагылазаашьа рыҭатәуп, убраҟа аматериал ыруадаҩцәатәӡам, иахьынӡауала", - ҳәа еиҭеиҳәеит Габалиа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.