Арадио

Хагәышь ахатәы бызшәа арҿиара азҵааразы: аметодика ырмариатәуп

Аҳәынҭқарра аԥсуа бызшәа арҿиаразы иоунажьуа аԥара алҵшәа амоума? Иҟаҵатәузеи ахәыҷқәа рхатәы бызшәала аҵара рзымариахарц азы, абри азы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы игәаанагара иҳәеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы аилак ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
Sputnik
Хагәышь ахатәы бызшәа арҿиара азҵааразы: аметодика ырмариатәуп

"Иахьа абызшәа армариара амҩа аганахьала ҳдәықәымлар, абызшәа аҵара ҳцәыуадаҩхоит егьырҭ амаҭәарқәа рылагьы. Аԥышәарақәа рымҩаԥгара ҳалагахьан аԥшьбатәи аклассқәа рҟынтә, сынтәа иаанаҳкылеит аԥышәара абызшәа аганахьала. Аҩбатәи - арҵага шәҟәқәа рыԥсахра ҳаҿуп, абызшәа дырҵаразы даҽа методикак ҳхы иаҳархәо ҳалагеит, уи аметодика ашколқәа рҟныӡагьы инеиуеит, избанзар имариоу аметодика ухы иаумырхәар, англыз бызшәа аҵара аметодика шыҟоу еиԥш, иуадаҩхоит ҳара ҳҿы абызшәа дырҵара", - ҳәа азгәеиҭеит Ҳагәышь.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.