Арадио

Аргәын: ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду игәра ргоит, ҳаргьы уи рцәымӡарц ҳашьҭоуп

Агәыҳалалратә фонд "Кьараз" анагӡаратә директор Кадыр Аргәын арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит Ашықәс ҿыц азы акциа "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа ирзеиҿкаахо аусхкқәа ртәы.
Sputnik
Аргәын: ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду игәра ргоит, ҳаргьы уи рцәымӡарц ҳашьҭоуп

"Аҳамҭақәа анеизаҳгалак ахәыҷқәа Аҟәаҟа иаагоит, ирзеиҿаҳқаауеит арлахҿыхратә усмҩаԥгатә. Уи адагьы атеатрқәа иҳарҭоит алшра хәыда-ԥсада ақәыргыламҭақәа рыхәаԥшра. Иазымааз ҟалозар, урҭ дара рыҩнаҭақәа рахь инаган ираҳҭоит рҳамҭақәа. Ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду дшыҟоу агәра ргоит, иара иоуп аҳамҭагьы рзыҟазҵаз ҳәа ихарҵоит. Аамҭа цацыԥхьаӡа ахәыҷқәа уи агәрагара рцәыӡӡом. Ҳара иаҳҭахуп ахәыҷқәа зегьы Ашықәс ҿыц анашана ишаамҭоу агәра дҳаргарц, ҳҽазаҳшәоит уи дмырӡыртә еиԥш аҟаҵара", - ҳәа еиҭеиҳәеит Аргәын.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.