Арадио

Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа Ашықәс ҿыц аныҳәаз еиҿкаахо атәы

Аҟәа ақалақь ахадара Акультура аусбарҭа аиҳабы Наала Ҳашыгԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭалҳәеит аҳҭнықалақь аҿы еиҿкаахо аусмҩаԥгатәқәа ртәы.
Sputnik
Ҳашыгԥҳа еиҭалҳәеит Аҟәа Ашықәс ҿыц аныҳәаз еиҿкаахо атәы

"Амза 26 инаркны ажьырныҳәа 7-нӡа еиҿкаахоит еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа. Акультуратә программа иалахәуп аҵара аусбарҭа, иара убас аҿари аспорти рхеилак. Амза 26, асааҭ 18:00 рзы ихацырхкоит ахәыҷқәа зырлахҿыхша аусмҩаԥгатәқәа, аицлабрақәа. Иара убас уа иҟалоит аҵаақәшьқьырырҭа, уи амза 27 инаркны. Макьана еилкааны иҟам иара хәыда-ԥсадахо мамзаргьы аԥара ахшәаатәхо, избанзар, аҵаашьаҵақәа изҭаху зегьы ирызхартә еиԥш иҟаҵатәуп. Уи ахәыҷқәеи адуцәеи зегь зырлахҿыхуа усуп, раԥхьаӡа кәны иалаагалеит, ргәы иахәап ҳәа ҳгәы иаанагоит", - ҳәа еиҭалҳәеит Ҳашыгԥҳа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.