Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра

Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра, араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи Аԥсны анард азы Афедерациеи реиҿкаарала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 – Sputnik, Бадри Есиава. Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра ақалақь аҟны ԥхынҷкәын 25 -27 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭеиҳәеит Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәша аиҳабы Ҭимур Ԥачлиа.

"Ҩышықәса раԥхьа имҩаԥаагеит ашашкақәа, ашахматқәа, адомино, анардқәа рзы ачемпионат. Шәҩык рҟынӡа ауаа алахәын. Сынтәа ақалақь ауааԥсыра рҭаххарала анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит. Азыҳәақәа рыдыркылоит ԥхынҷкәын 24 рзынӡа", - иҳәеит Ԥачлиа.

Атурнир алахәхаразы 1000 мааҭ шәатәуп, аԥхьахәтә фонд аиҿкааразы. Еизгахо аԥарақәа шахоит х-хәҭакны ииааиуа рыбжьара.

Анард кьаҿқәа рзы атурнир мҩаԥгахоит Очамчыра, Очамчыра араион ахадара аҿари аспорти рыҟәшеи Аԥсны анард азы Афедерациеи реиҿкаарала.