Атуристцәа рзы аџьынџьыхәа даара ихаауп

Аԥсшьараз анхарҭаҭыԥқәа заанаҵтәи рҿаҵаразы амаҵзура Tvil.ru асоциалтә ҳақәа рҭааҩцәа иразҵааны еилыркааит еиҳа ргәы зызцаз ахаақәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 17 - Sputnik. Аԥсуа џьынџьыхәеи ҟрымтәи нугеи актәи аҭыԥ еиҩыршеит амилаҭтә хаа-мыхаақәа рреитинг аҿы. Дара 18,18% -18,18%абжьы роуит.

Аԥсуа џьынџьыхәа - даара ихаау аџьашьахәы

Изазҵаауаз иргәаԥхеит иара убасгьы карелиатәи мариушки (9%), Алтаи амзарҟәыл иалырхуа аиҵарш (9%), Краснодартәи атәылаҿацә аҟнытәи ацхалых–бобошки (по 7,79%), тулатәи априаникқәа (6,49%), коломнатәи аҳарҩа (5,19%), калмыкиатәи борцокқәа (1,3%).

Атуристцәа иалырхыз ахаақәа рреитинг:

• Аԥсуа џьынџьыхәеи ҟрымтәи нугеи - 18,18%

• Чак-чак – Ҭаҭарсҭан -15,58%

• Ацха – Башкириа - 10,39%

• Мариушки – Карелиа- 9,09%

• Алтаи амзарҟәыл иалырхуа аиҵарш (9%), Краснодартәи атәылаҿацә аҟнытәи ацхалых–бобошки (по 7,79%)

• Априаникқәа – Тула - 6,49%

• Аҳарҩа – Коломна - 5,19%

• Борцоки – Калмыкиа - 1,3%

Аџьынџьыхәа – ақаламышь иӡаашьу акакан ма араса иалхуп. Ақаламышь аҩыз ршны ашыла аҭаны иҟарҵоит. Ԥшьынтә-хәынтә ақаламышь иӡаашьны идырԥшшоит.