Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аусура иалагеит акандидат Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны

Аԥсны ахадас зкандидатура ықәыргылаз Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дазашшит, АКХ иаднакылаз аӡбра иашам, азакәан шьаҭа амам ҳәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аусура иалагеит уаанӡатәи акандидат Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ инақәыршәаны. Алхас Кәыҵниа Иреиҳаӡоу аӡбарҭа аӡбра дазашшит, АКХ иаднакылаз аӡбра иашам, азакәан шьаҭа амам ҳәа. Ахашшааратә инстанциа аӡбарҭа аусура иалагеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Алхас Кәыҵниа ишшыԥхьыӡ ианахәаԥшуа аҿҳәара шьақәыргылоуп

Азашшҩы иинтиресқәа дрыҵагылоит ахьчаҩ Инга Габилаиаԥҳа. Аҭакҟаҵаҩ иинтересқәа ирыҵагылоит аҳәынҭқарратә зинтә политиказы Апарламент аилак ахантәаҩы Валери Агрба, азиндырыҩ Гиви Габниа, ахьчаҩ Марина Ҭаниаԥҳа, атәыла ахада Иусбарҭа анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба.

Азашшҩы Алхас Кәыҵниа аилатәара далахәуп. Аилатәара далахәуп иара убасгьы адепутат Аслан Бжьаниа. Иара Москвантәи Аԥсныҟа дааит ԥхынҷкәын 17 рзы.

Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа зыҩноу ахыбра СОБР аусзуҩцәа акәшаны игылоуп. Цәыббра ааба рзы Аԥсны имҩаԥысит атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур. Аԥсны АКХ алкаақәа рыла аԥыжәара игеит Рауль Ҳаџьымба.

Рауль Ҳаџьымба 47,39% абжьы иоуит, Алхас Кәыҵниа – 46,17%.

Алхас Кәыҵниа цәыббра 11 рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ наишьҭит Аԥсны АКХ аӡбра азакәан шьаҭа агәаҭаразы. Закәанла аӡбарҭа жәамш рыҩнуҵҟа уи азы аӡбамҭа аднакылароуп.

Алхас Кәыҵниа игәаанагарала, алхрақәа раан аиааира згаз абжьқәа реиҳарак рыла далхтәуп, аха убри аан "зегьы сырҿагылоит" ҳәа зыбжьы азҭаз рыбжьқәеи аоппонент изы иаҭаз абыжьқәеи еилаҵаны раасҭа еиҳаны абжьы имазароуп.

Атәыла ахада иалхразы аҩбатәи атур аан атәыла ахада абжьқәа реиҳарак рыла далхызарц аӡбра аднакылеит Аԥсны АКХ абжьыҭарақәа рыламҭалаз. "Аԥсны Аҳәынҭқарра ахада иалхразы" азакәан ахәҭаҷ 19 еиуеиԥшым аилкаарақәа цәырнагоит. Уа иныҭкааны иарбам аҩбатәи атур аан иаиааиз дшалкаатәу. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Ҭамаз Гогьиа Аԥсны Апарламенти Аконституциатәии Иреиҳаӡоуи аӡбарҭақәеи рахь ацхыраараз ашәҟәқәа наишьҭит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: