Аԥсны АҶА амцаҽацәыхьчаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу гәарҭоит

Ашықәс ҿыц азтәи аныҳәақәа рымҩаԥгара аламҭалаз Аԥсны АҶА ауаа рацәа ҟалар ахьалшо аҭыԥқәа аинспекциа рызнауеит, амцаҽацәыхьчаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу гәарҭоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik. Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгара аламҭалаз Аԥсны АҶА амцаҽацәыхьчаратә ҭагылазаашьа зеиԥшроу гәарҭоит ашколқәа, ахәыҷбаҳчақәа, аџьармыкьақәа уҳәа рҿы.

Ԥхынҷкәын 18 рзы аинспекциатә гәаҭара иахыжьын аҳәынҭқарратә филармониа. Иара убасгьы ирҭааны ирбеит абжьаратә школқәа №4, №14, аџьармыкьа хада.

"АҶА аинспекторцәа аҵареи акультуреи русбарҭақәа рхаҭарнакцәа амцаҽацәыхьчара аинструкциақәа ддырбоит, игәарҭоит урҭ аусбарҭақәа реиқәыршәашьа", - аҳәоит АҶА адырраҭараҿ.

Аџьармыкьа хадаҿы азхьаԥшра аҭан апиротехника ахьырҭиуа аҭыԥқәа.

АҶА аинспекторцәа ргәаҭаратә уснагӡатәқәа ирыцҵахоит.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: