Ерика Кәарҷиаԥҳа акоманда далахәны ахԥатәи аҭыԥ нылкылеит атурнир аҿы

Аишәатә ԥқьаҭымпыл азы Урыстәыла аԥхьахәгара иалахәын 20 команда, имҩаԥысуан Славианск-на-Кубани, ԥхынҷкәын 11 - 15 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 - Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аԥсуа спортсменка Ерика Кәарҷиаԥҳа Самаратәи аобласт акоманда далахәны ахԥатәи аҭыԥ нылкылеит ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит аспортсменка аԥхьатәи лазыҟаҵаҩ Беслан Қарчаа.

"Ақәыԥшцәа рыбжьара имҩаԥысуан атурниир. Ерика қәрала зегьы дреиҵбын. Лара 15 шықәса роуп илхыҵуа", - иҳәоит Қарчаа.

Ерика Кәарҷиаԥҳа мызқәак раԥхьа илоуз аспорт азҟаза инорматив еиҭашьақәлырӷәӷәеит.

"Атурнир аҿы Ерика лхы бзианы иаалырԥшит. Уажәы иҟоуп ажәадгалақәа аҽа қалақьк ахь лиагаразы", - иҳәоит азыҟаҵаҩ.

Аишәатә ԥқьаҭымпыл азы Урыстәыла аԥхьахәгара иалахәын 20 команда, имҩаԥысуан Славианск-на-Кубани, ԥхынҷкәын 11 - 15 рзы.

Ерика Кәарҷиаԥҳа Аолимпиатә резерв самаратәи ашкол аҿы аҵара лҵоит.