Арадио

Џьопуа раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Аргәын ихьӡ зҳәо ашәҟәқәа рзы: абла ҷыҵ еиԥш ихьчатәуп

Раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Виктор Аргәын идҳәалоу ашәҟәқәа ҩба иахьа ҳамҭас Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә фырхаҵара амузеи ҳамҭас иаҭан, урҭ руак Нестор Лакоба инапы аҵаҩуп. Урҭ рҵакы арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы еиҭеиҳәеит Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа.
Sputnik
Џьопуа раԥхьатәи аԥсуа ԥырҩы Аргәын ихьӡ зҳәо ашәҟәқәа рзы: абла ҷыҵ еиԥш ихьчатәуп

"Ас еиԥш иҟоу адокументқәа, архив ду злаблыз ала, акы-ҩба инхақәазгьы ҳнапаҿы излаҟам ала, аҭоурых азы аҵак ду аманы сахәаԥшуеит. Лакоба цәгьаԥсышьа иҭаны дыныршьыз ашьҭахь, ихаҭара иаҵанакуаз зегьы иҟаӡамшәа иқәыргеит, ихьӡ зҳоз ҳәа ак аанмыжькәа, иара ихаҭа ишилгоз еиԥш, ҳҭоурых ишалгоз еиԥш, инапы зҵаҩыз адокументқәагьы ықәыргон. Ас еиԥш ашәҟәы абла ҷыҵ еиԥш ихьчатәу ауп. Аҩбатәи – иара ахаҭа ҩуп алатынтә шрифт ала, аԥсышәала ианыҩуаз аамҭа арҵабыргуеит, ахԥатәи – Аҟәа ақалақь усҟантәи аамҭазы ишахьӡыз еиԥш иахьагьы иахьӡуп, ақырҭцәа ишырхәыцыз акәымкәа. Абасала ари адокумент иаҳәо рацәоуп", - иҳәеит Џьопуа.

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.