Арадио

Агәмааԥҳа иналыгӡахьоу арольқәа рзы: еиԥшны сгәы рзыбылуеит, срыхӡыӡаауеит

Аԥсны Жәлар рартистка Софа Агәмааԥҳа арадио Sputnik аефир аҟны лцәажәараҿы еиҭалҳәеит иналыгӡахьоу арольқәа дшырзыҟоу.
Sputnik
Агәмааԥҳа иналыгӡахьоу арольқәа рзы: еиԥшны сгәы рзыбылуеит, срыхӡыӡаауеит

Атеатри акинои рактриса, Аԥсны Жәлар рартистка, Аҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр асахьаркыратә напхгаҩы Софа Хынтрыгә-иԥҳа Агәмааԥҳа иахьа 80 шықәса лхыҵит. Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр ахыбраҟны иахьа асааҭ 15 рзы ахәаԥшцәа раԥхьаӡа акәны идырбахоит "Софа Агәмаа иахьа" захьӡу адокументалтә фильм. Уи ҭылхит акинорежиссиор Ада Қәрааԥҳа.

"Атеатр аҟны 70 инацны инасыгӡахьоу арольқәа рҟынтәи зегьы ҟаимаҭла исықәҿиеит сҳәар шәысжьоит. Ус еиԥш ҟалашьа амам. Хымԥада, узқәымгәыӷуа иаҳа иануқәҿио ыҟоуп, уԥсы зегьы ахҭынҵаны аус здуулаз ианалымҵуа ыҟоуп, аха иагьа ус акәзаргьы, ахшарарацәа змоу ан леиԥш схы сыԥхьаӡоит. Ус еиԥш ан лыхшара зегьы еиԥшны бзиа еицылбоит, мрик дрылазаргьы, иаҳа деиӷьылшьоит, иаҳа лгәы изыбылуеит. Ус ауп саргьы, исықәымҿиаз ыҟоуп, ҳәарада, аха урҭ иаҳагьы сгәы рхьыбылуеит, срыхӡыӡаауеит", - лҳәеит Агәмааԥҳа.

Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.