Аргәын еиҭеиҳәеит "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны ахәыҷқәа ԥстәқәас иззыҳәаз
© Sputnik
"Аҳәыс иаҳәаз ахәыҷы Кьалашәыр аҩадахьы инхо аҭаацәара ду аҟны изҳауеит. Дара ақыҭанхамҩа иазҟазоуп. Ҳидҵаалеит ахәыҷы аҳәыс ҳамҭас изиҭаху ҳәа, иара иазгәеиҭеит иааӡар ахш шинаҭо атәы. Ари ахәыҷы исалам шәҟәы ианаԥхьа, игәаҳәара нарыгӡеит аргыларатә маҭәахәқәа зҭиуа абаза ахаҭарнакцәа.
Ахәыҷқәа рзы аҳамҭақәа амза 25-нӡа еиқәҳаршәароуп, амза 28 рзы дара Аҟәа иааганы атеатрқәа рҟны ақәыргыламҭақәа дырбаны, астадион "Динамо" аҟны арлахҿыхратә программа рзеиҿкааны аҳамҭақәа рзаҳшоит", - иҳәеит Аргәын.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.