Ассир ҳамҭас: афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷы ҳамҭас дыззыԥшыз аҳәыс иоуит

Есышықәса ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз имҩаԥыргоит акциа "Ассир ҳамҭас". Зылшара ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит ргәазыҳәарақәа анҵаны.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аилахәыра KASKAD-M аколлектив Афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷы игәазыҳәара нарыгӡеит акциа "Ассир ҳамҭас" аҳәаақәа ирҭагӡаны, урҭ ҳамҭас ахәыҷы аҳәыс ирҭеит ҳәа лҳәоит Sputnik аинтервиу азҭаз аиҿкаара аменеџьер Кристина Лакәыиаԥҳа.

"Фышықәса зхыҵуа Давид Дрезнель, Аҩада Кьалашәыр ақыҭаҟынтә, агәра ҳиргеит аҳәыс хаҭала иара нап шадикылало. Дазыԥшуп идуханы ахш амҵуа ианыҟалалак, уи ахш ақашь иаҭаны иан изыҟалҵалап ҳәа", - еиҭалҳәоит Лакәыиаԥҳа.

Давид игәазыҳәара еиԥшын Анхәатәи аҷкәын хәыҷы аџьмеиқәаҵәа данаҳәаз. Хымԥада иҭахын атәыҩақәа ыршаны иамазарц.

Аргәын: ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду игәра ргоит, ҳаргьы уи рцәымӡарц ҳашьҭоуп

"Иара хаҭала даҳҭааит. Ҳара иаҳҳәеит ари аҩыза аҳамҭа аԥшаара шыуадаҩу, исаламшәҟәы аҽакала иҳаԥсахырц ҳиҳәеит. Ан иаҳҳәаз дақәшаҳаҭхеит, аха мышқәак рышьҭахь иара аҭел даҳзасны дҳаҳәеит ашәҟәы ҳамԥсахырц, "издыруада, аԥшаара алшар" иҳәеит иара", - еиҭалҳәоит Лакоиаԥҳа.

Афонд "Кьараз" хылаԥшра знаҭо ахәыҷқәа зегьы рҳамҭақәа роуеит ԥхынҷкәын 28 рзы.

Есышықәса Ашықәс ҿыц аныҳәа аламҭалаз имҩаԥыргоит акциа "Ассир ҳамҭас". Зылшара ԥку аҭаацәарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа Аҵаа Бабаду ашәҟәқәа изырыҩуеит ргәазыҳәарақәа анҵаны.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: