АҞӘА, ԥхынҷкәын 20 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Пицунда ақалақь администрациа Ахада инапынҵақәа назыгӡо изы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит. Абри атәы аанацҳауеит ахада исаит.
Аусԥҟа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аԥсны Аҳәынҭқарра административтә-дгьылҵакыратә акақәа рыҟны напхгаразы" Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан ахәҭаҷ 24 инақәыршәаны, Пицунда ақалақь администрациа ахада инапынҵақәа рынагӡаразы даҭаазааит Шамба Алхас Валико-иԥа", - ҳәа.
Рауль Ҳаџьымба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭитәит Пицунда ақалақь ахада инапынҵақәа назыгӡоз Нодари Ванаба.
Алхас Шамба диит лаҵара 11, 1970 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҿы. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеран, "Агәымшәараз" амедал ианашьоуп.
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп анџьныр-технолог изанааҭ иманы.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
Ҳаџьымба Очамчыра араион ахада инапынҵақәа рынагӡаҩыс Геннади Ҵәыџьба даиҭеит