Арадио

Арӡынба: Аԥсныҟа нхара санаа, сымала сшыҟамыз сдырбеит

Иарбан уадаҩрақәоу Аԥсны ирԥыло зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз? Урҭ ирызку аҳәынҭқарратә программа рҭоурых дгьыл рашьцылара иацу ауадаҩрақәа замӡбои? Арҭқәа рзы игәаанагара арадио Sputnik аефир аҟны иҳәеит зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз аусдкылаҩ Раҳми Арӡынба.
Sputnik
Арӡынба: Аԥсныҟа нхара санаа, сымала сшыҟамыз сдырбеит

"Сара аҳәынҭқарра иганахьала ацхыраара сышәҭ ҳәа сырмыдҵаалаӡеит. Сахьааиз сыжәлар роуп, ара сиизшәа-сааӡазшәа сгәы иабеит. Аԥсны ахы-аҵыхәа ацхыраара зласырҭаз, сымала сшыҟамыз сдырбеит", - иҳәеит Раҳми Арӡынба.

Убри аан иара иазгәеиҭеит Аԥсны азакәанқәа шыԥсыҽу.

"Ашәҟәаҿы иану азакәан – закәанӡам, уи аус ауроуп. Даара пату зқәу, амал змаз ара иааны аусқәа реиҿкаара иалагеит, аха ирзымыхьчеит, ихынҳәны ицар акәхеит. Арҭқәа ҟамларц азакәан аус ауроуп, иџьбаразароуп.
Сгәаанагарала, Аԥсныҟа нхара иаажәго аҩны, аԥара ишәымҭан, аха агарантиа имазароуп аҳәынҭқарра аганахьала аӡәы днеины дышиқәымло, дшыхьчазаауа. Сара скьарахә сыбӷа иаваҵаны схы сыхьчар акәу, ахәынҭқарра сахьчозар акәу?! Ауаҩы адгьыл ишәырба, ухы иархәа ҳәа, иахәҭоу иара иҟаиҵоит… Аха сара усыхьчоит, иурҳаз абжа суҭароуп, сызхеибашьуаз ара ҳәа ҳгылар, ҳабанӡананаго? Ашәахтәқәа зыҟоу, аҳәынҭқарра сахьчарц ауп, зыԥсадгьыл ахь нхара ихынҳәыз уимыхәозар уиԥырхагамхан", - ҳәа азгәеиҭеит Арӡынба.

Инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы адырраҭара "Коӷониаԥҳа лымҩаду" аҟны.