Афон Ҿыц абанкоматқәа рҟынтәи жә-миллионк аԥара ӷьычуп

Афон Ҿыц абанкоматқәа рҟынтәи аԥара згаз ацәгьоуцәа рмазара рымхны 10 шықәса рҟынӡа аҭакра рықәырҵар ҟалоит.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 - Sputnik. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра ашьаус хацнаркит Аԥсны ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 155 ахәҭа 4 инақәыршәаны. Абри атәы аанацҳауеит ареспублика Апрокуратура хада асаит.

"Ашьаусҭҵаара адокументқәа инарықәыршәаны зхаҭара шьақәыргылам ахаҿқәа 2017 шықәса ԥхынгәы 1 инаркны 2019 шықәса ажьырныҳәа 1 аҟынӡа Афон Ҿыц ақалақь абанкоматқәа ҩба рҟынтәи аԥара рӷьычуан. Ацәгьоуцәа румҭала Иаарту акционертә еилазаара аԥхасҭа ду аҭан", - аҳәоит адырраҭараҿы.

Апрокуратура хадаҿы иазгәарҭеит иааидкыланы иӷьычу аԥарақәа 9 миллионки 678 нызқь мааҭ шыҟаз.

Ашьаусҭҵаара ҵаҵӷәыс иаиуит Аԥсны ААР аекономикатә шәарҭадара агәаҭарақәа рматериалқәа.