Акаԥа ақыҭаҿ амцахәыҵҟьарақәа аҭыԥ рымоуп

Раԥхьатәи амцакрақәа Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20 амцарцәаҩцәа рыбригада.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 23 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭоуп амцакра ҭыԥ ҿыцқәа. Абри атәы Sputnik Аԥсны иазааицҳаит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа.

Иара иажәақәа рыла ԥхынҷкәын 21 рзы хә-километрак инарзынаԥшу аҭыԥқәа рҟны амца ырцәан.

"Иацы амцарцәаҩцәа ашьыжь асааҭ 5 рҟынӡа аус руан. Атехника ухы иаурхәартә иҟамыз аҭыԥ ахьҿаҟьараз азы. Иахьа еиҭах амцакра ҿыцқәа гәаҭан. Уи иацтәи аҭыԥ иацәхыкуп. Амца арцәараз инашьҭуп 15 –ҩык амцарцәаҩцәа", - иҳәеит иара.

Акаԥа иҟоу амцеимҽхакыра жәа-гектарк рҟынӡа аҵанакуеит.

Раԥхьатәи амцакрақәа Аҟәа араион Акаԥа ақыҭа иахьаҵанакуа игәаҭан асабша, ԥхынҷкәын 21 рзы. Уахь инашьҭын 20 амцарцәаҩцәа рыбригада.

Иҟоу агәаанагарла амцакра зыхҟьаз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: