Аныҳәа аламҭалазы: ԥхынҷкәын 23-29 рзтәи акультуратә уснагӡатәқәа

Аинформациатә маҵзуреи арадиои Sputnik Аԥсны ишәыднагалоит ԥхынҷкәын 23-29 рзтәи акультуратә уснагӡатәқәа.
Sputnik

Аҭоурыхтә драма "Қьелешбеи" Аҿар ртеатр аҿы, алакә "Щелкунчик" Аԥсуа драмтеатр аҿы уҳәа ирацәаны Sputnik Аԥсны афишаҿы.

Сариа Кәарцхьиаԥҳа, Sputnik

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр

  • Ԥхынҷкәын 25 - 30 асааҭ 11:00; 13:00 рзы Аԥсуа драматә театр аҿы Ашықәс ҿыц азтәи ахәыҷтәы спектакль "Щелкунчик".

Аҟәа, Пушкин имҩ., 1

Аԥсуа ҳәынҭқарратә аҿар ртеатр

  • Ԥхынҷкәын 24 рзы акультуратә центр "Абаза" асценаҿы Корнеи Чуковски иҩымҭа иалху аспектакль "Бармалей".
  • Ԥхынҷкәын 25 асааҭ 18:30 рзы – "Ацынҵәарах" (Баграт Шьынқәба).
Аныҳәа аламҭалазы: ԥхынҷкәын 23-29 рзтәи акультуратә уснагӡатәқәа

Аҟәа, Пушкин имҩ., 1

РУСДРАМ

  • Ԥхынҷкәын 27 - 30 асааҭ 11:00; 13:00 рзы Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр асценаҟны – аспектакль "Королевский Новый год". (Арежиссиор-ақәыргылаҩ Џьамбул Жорданиа).

Аҟәа, Леон имҩаду, 8

Ацәыргақәҵатә зал хада

  • Ԥхынҷкәын 25 асааҭ 12:00 рзы иаатуеит ацәыргақәҵа "Ашықәс иреиӷьу асахьаҭыхыҩ". Sputnik Аԥсны иаанартит асаит аҟны абжьыҭира аԥхьаҩцәа рзы, иалкаахо амаҵзура аԥхьахә ҷыда ианашьахоит.
"Ашықәсаз иреиӷьу асахьаҭыхыҩ" ԥхынҷкәын 25 рзы далыркаауеит

Аҟәа, Лакоба имҩа, 31

Гагра

  • Ԥхынҷкәын 23 асааҭ 15:00 рзы Акультура аҩны аҟны Гагра араион амузыкатә школқәа рықәгылара.
  • Ԥхынҷкәын 24 асааҭ 15:00 рзы Акультура аҩны аҟны ахореографиатә ансамбльқәа "Кьараз", "Абааҭа" рықәгылара.
  • Ԥхынҷкәын 26 асааҭ 15:00 врзы – аныҳәатә қәгылара.

Гәдоуҭа

  • Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 15:00 рзы Акультура аҩны аҿы аспектакль "Новогодний переполох".

Гәылрыԥшь

  • Ԥхынҷкәын 25 асааҭ 15:00 рзы Акультура аҩны аҟны аинтерактивтә спектакль.
  • Ԥхынҷкәын 26 асааҭ 12:00 рзы Агуӡератәи аклуб аҿы – ақәыргыламҭа "Новогодняя сказка".
  • Ԥхынҷкәын 28 асааҭ 12:00 рзы Агуӡератәи аклуб аҿы – ақәыргыламҭа "Аԥсаӡ".

Тҟәарчал

  • Ԥхынҷкәын 24 асааҭ 15:00 рзы Акультура ахан аҿы – Москва Аҩны ақәыргыламҭа.
  • Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 17:00 рзы Акультура ахан аҿы – аԥсуа естрада ашәаҳәаҩцәа рконцерт.

Гал

  • Ԥхынҷкәын 23 асааҭ 15:00 рзы Акультура аҩны аҟны –аспектакль "12 месяцев".
  • Ԥхынҷкәын 26 асааҭ 15:00 рзы – ахәыҷбаҳча "Аҿарпын" ақәгылара.
  • Ԥхынҷкәын 27 асааҭ 18:00 рзы Ашықәс ҿыц азтәи акарнавал.