125 шықәса ҵит Аҟәатәи аԥышәаратә ақытанхамҩатә станциа аԥҵоижьҭеи. Усҟантәи аамҭазы Аԥсны иҟамыз аҵиаа хкқәа ааганы араҟа рааӡареи реизырҳареи аус адырулон. Иахьа уи астанциа ашьаҭала ауп аус шауа Аԥсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа иатәу Ақыҭанхамҩатә институт.
"Акыр злыҵша ҳәы зыргәахәоз аҵиаақәа раагара иалагеит азеижәтәи ашәышықәса азбжазы. Иаагозар ацитрус шәырқәа, ачаи, ахәырма, афеихоа…Мшаԥымза 12, 1894 шықәсазы Александр ахԥатәи аусԥҟа ҭижьит Аҟәагьы Шәачагьы ихдыртырц асубтропикатә аԥышәаратә станциақәа. Аԥсны аԥышәаратә станциа ҟаҵан Аботаникатә баҳча аҩнуҵаҟа. Уи ашьҭахь азҳара ианалага, амеценат Смецкои еиҿикааит абри астанциа иацхрааша Аҟәатәи ақыҭанхамҩатә еилазаара. Амшын Еиқәа иахьаҵанакуаз хаз-хазы ус зуаз ари ахырхарҭаҟны ауаа рацәан. Урҭ зегьы реидкыларазы 1898 шықәсазы Смецкои аилазаара ҟаицеит. Убри инаркны анаука аусура иалагеит", - иҳәеит Аиба.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны аефир.
Иара убас шәаԥхьар ҟалоит:
- Смецкоираа рҭынха. Актәи ахәҭа
Ҭарба еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа рырҿыцразы ақыҭанхамҩатә институт аҟны лшарақәас иҟоу