Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Ҭарба еиҭеиҳәеит ашәырҵлақәа рырҿыцразы ақыҭанхамҩатә институт аҟны лшарақәас иҟоу

© Sputnik / Томас ТхайцукФедор Тарба
Федор Тарба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ақыҭанхамҩатә институт ашәырҵлақәа рырҿыцразы лшарақәас иамоу атәы дрылацәажәеит арадио Sputnik аҟны аинститут аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Фиодор Ҭарба.
"Хра злоу ахҭысқәа": Ҭарба ашәырҵлақәа рырҿыцра азҵаара иазкны

Ақыҭанхамҩа аминистр Амиран Какалиа зхадараҿы дыҟаз Аԥснытәи аделегациа ааигәа Москва Урыстәыла ақыҭанхамҩа аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Джамбулат Хатуови дареи еиԥылеит. Ирылацәажәон ақыҭанхамҩа аусхк аҟны аимадарақәа рызҵаара. Иара убас аҩ-ҳәынҭқаррак рфитосанитартә ҭагылазаашьа  арманшәалара, ахәҭакахьала апты иаҿагыланы ақәԥара. Убасгьы аиԥылараҿы ирылацәажәеит абаҳчақәеи, ашәыр ааӡарҭақәеи Аԥсны реиҭаҿиара азҵаара ҳәа аанацҳаит ақыҭанхамҩа аминистрра асаит.

"Ашәырҵлақәа рырҿыцразы апрограмма бзиа ҟаҵаны иҳаман. Аҵарауаҩ 50-60- шықәса аус аниуалак ауп данҟәышӡахо. Иахьа ус еиԥш ауаҩ дысҭахым ҳәа  иҭыԥан ҽаӡәы иқәыргылара уалагар иҟалаӡом. Сара санлаборантыз иҟасҵаз ашәыр хкқәа, абар шьҭа 40 шықәса ҵит, амца иамгазҭгьы аибашьра ашьҭахь схатә сортқәа сымазаауан. Уи акыр шықәса аҭахуп. Асортқәа ыҟоуп, аха рыцҳарас иҟоу ааӡарҭа ауп. Уи гектарк аҿы зқьы шьапы ашәырҵла аҭахуп. Ҳара шә-нызқь ҟаҳҵар  ҳалшоит аԥара ҳамазар. Аибашьра ашьҭахь ԥшь-нызқь  шьаҭа ҟаҳҵан иаҳзымҭеиӡеит, ауаа ирзаамхуеит. Аԥара анақәуырӡ уи иахҭныҵуагьы ҟалароуп.  Аҳәынҭқарра аҟынтәи аԥара аноурыжь2013- 2014 шықәсазы миллионк цыра рҟынӡа аиҭаҳәатә ҟаҳҵеит еиуеиԥшым ашәыр хкқәа. Урҭ зегьы еиҭаҳаны иҳамазҭгьы шә-нызқь гектар  ҟалон, Аԥгны ҳхатә баҳча ҳамазаауан. Уи аҵәа мацара ыҟазароуп ҳәа акәӡам изыҟаҵаз. Ианаҳԥхьаӡа ҳтәыла аҳәаақәа рҟынтәи маӡа-аргама иҭалоз аҵәа аа- нызқь тонна ҭалон. Аҵәа асорт алԥшаахқәа еиҭаҳҳаз рҟынтәи Гәдоуҭа иҳамоуп идҳарбаша абаҳчақәа. Аха егьыс аԥара анааныркыла, абна ахыҵәеит, амца ажәырҵеит, иӡит. Ақыҭанхамҩа ааӡарҭазы иҟаҵатәу ҳәа асмета ҟаҵаны иҳашьҭит аиҳабыра рахь, иаҭахуп аԥара", - иҳәеит Ҭарба.

Ааӡарҭа  хышықәса иреиҵамкәа иаҭаххоит, ашәыр аҽаҩра уоурц даҽа ԥшьышықәса раҟара аҭаххоит ҳәа азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

Ажәабжьқәа зегьы
0