Аԥсны АҶА аҟны еиҭарҳәеит Акаԥа ақыҭан иҟоу амцакра аҭагылазаашьа

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 24 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Ақыҭа Акаԥа акәша-мыкәша абнараҿ амца 70% рҟынӡа ирцәоуп ҳәа иҳәеит Аҟәеи Аҟәа араиони рҟны амцарцәара-еиқәырхаратә гәыԥ аиҳабы Ҭимур Кәыҵниа.

"Иацынтәарак амцарцәаҩцәа рыбригада аус руан. Араҟагьы аҭыԥқәа рызнеира уадаҩуп. Атехника знеиуам. Амцарцәаҩцәа уахь шьапыла инеины амцарцәара мҩаԥыргоит. Амцахыҵхырҭақәа аҳаракырақәа рҟноуп иахьыҟоу. Аԥшасраан урҭ аладаҟа илбаауеит. Иахьа ашьыжь асааҭ 8 рзы аҽа 15-ҩык амцарцәаҩцәа уахь идәықәҵан. Аҭаԥантәи ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵоит", - иҳәеит иара.

Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: