Апрокуратура хада: Аԥсны ашколқәа рҟны анаркотикқәа рыладырҵәон ҳәа ирҳәо иашам

Аԥсны апрокурор хада Адгәыр Агрба инапхгарала Аԥсны Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысуаз аилацәажәара иалахәын апрокуратура, Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра, Ашәарҭадаратә маҵзура, Агәабзиарахьчара аминистрра рхаҭарнакцәа.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 - Sputnik. Аԥсны Апрокуратура хадаҿы имҩаԥысит инарҭбаау аилацәажәара "анаркотикатә конфеҭқәа" рыладырҵәоит ҳәа иҟаз аҵыхәтәантәи ажәабжьқәа рзы. Абри атәы аанацҳауеит Апрокуратура хада асаит.

Аилацәажәараан ирзыӡырҩын араионқәа рпрокурорцәа рыҳасабырбақәа, иразҵаан ашколқәа рырҵаҩцәеи рдиректорцәеи, Аԥсны ААР зықәра намӡац аус рыдуларазы аҟәшақәа рхаҭарнакцәа. Дара зегьы еицҿакны ирҳәеит аус ахьыруа анаркотикқәа рыладырҵәоны иҟамлац ҳәа.

Ареспубликатә наркологиатә диспансери Агәабзиарахьчара аминистрреи мап ҳәа ахырҳәааит Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа рҟны гәыԥҩык ақәыԥшцәа анаркотикатә шьцылараҟынтәи аҽыхәышәтәра мҩаԥыргоит ҳәа игәарарҵаз ажәабжь.

"Акыр шықәса рыҩнуҵҟа знызаҵәык иазгәаҭан зықәра намӡац аканнабиодқәа шидикылоз атәы", - ҳәа аҳәоит ажәахә аҿы.

Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакцәа иазгәарҭеит иԥаршеиу ажәабжь гәаразҵаз ахаҿқәа рхаҭара ашьақәыргылара рыҽшазыршәо. Аусура ишадыԥхьалоу Ашәарҭадаратә маҵзура аусзуҩцәагьы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: