Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 60 рҟынӡа амца зкыз аҭыԥқәа аарԥшуп

Аԥсны абнақәа абылра иаҿуп. Абҵарамзазтәи амцакрақәа риааира алыршахеит урыстәылатәи АҶА авиациа ацхыраарала.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадри Есиава. Аҵыхәтәантәи хәымш рыҩнуҵҟа 60 рҟынӡа амца зыкз аҭыԥқәа аарԥшуп иҳәеит Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны Аԥсны АҶА аминистр ихаҭыԥуаҩ Тигран Делибалтиан.

"Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 56 мцакра ирыцлеит даҽа ф-ҭыԥк. Ҿыц амцакрақәа азгәаҭоуп Тҟәарчал ашьхаратә хәҭа, Алада Ешыра, Лӡаа, Елыр, Кындыӷ рҟны. Иааидкыланы 1500 нызқь ԥшьыркца абылра иаҿуп", - иҳәеит Делибалтиан.

Аԥыза-министр Валери Бганба агәрагара ааирԥшит амцакра амзыз ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа.

Ҳаџьымба ареспубликаҿы аҭыԥ змоу амцакрақәа инарымаданы аилацәажәара мҩаԥигеит

Амцакрақәа ирҿагыланы ақәԥара мҩаԥысуеит амчыбжь аҩнуҵҟа. АҶА иазгәарҭеит аҭагылазаашьа акыр ишыуадаҩу. Иахьа иазгәаҭан аҭыԥ ҿыцқәа - Гәдоуҭа араион Оҭҳара ақыҭан.

Уаанӡа, Аҟәа араион Акаԥа ақыҭан раԥхьатәи амцакратә ҭыԥқәа гәаҭан ԥхынҷкәын 21 рзы. Уа абылра иаҿын 10 гектарк рҟынӡа абнара.

Урҭ аҭыԥқәа рызнеира уадаҩуп. Атехника знеиуам. Амцарцәаҩцәа уахь шьапыла инеины амцарцәара мҩаԥыргоит. Амцахыҵхырҭақәа аҳаракырақәа рҟноуп иахьыҟоу. Аԥшасраан урҭ аладаҟа илбаауеит. Аҭыԥантәи ауааԥсырагьы ацхыраара ҟарҵоит.

Амцакрақәа рымзыз хада – ауаҩытәыҩсатә фактор ауп ҳәа ишьоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: