"Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара активла имҩаԥысуеит

Аҟәатәи абаӷәазахь иааираны иҟоу акруизтә лаинер "Князь Владимир" ахь абилеҭқәа раахәара хацыркхеит ԥхынҷкәын 24 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25– Sputnik, Бадри Есиава. 380 билеҭ рҭихьеит Аҟәа абаӷәазахь идгылараны иҟоу акруизтә лаинер "Князь Владимир" ахь ԥхынҷкәын 24 асааҭ 15:00 рзы ҳәа Sputnik иазеиҭарҳәеит "Черноморские круизы" апресс-маҵзураҿы.

"Ауаа аҭел иасуеит. Иазҵаауеит абилеҭқәа рыхәԥса, аҭыԥқәа заҟа аанхаз, аҿҳәарақәа. Асоциалтә ҳақәа рҿгьы азҵаарақәа рацәоуп. Иҳамоу аинформациа зегьы ҳофициалтә саит аҿы иарбоуп", - рҳәеит апресс-маҵзураҿы.

"Черноморские круизы" аҿы иазгәарҭеит алаинер "Князь Владимир" Шәачантәи раԥхьаӡа акәны Аҟәатәи абаӷәаза иҭалоит лаҵара 4 рзы ҳәа.

Аԥсни Урыстәылеи ркурортқәа рыбжьара акруизтә еимадара хацыркхараны иҟоуп 2020 шықәса рзы. Абри азы "Аԥсны амшынӷбаныҟәареи" "Амшынеиқәатә круизқәеи" "Урыстәылатәи аинвестициатә форум - 2019" аҿы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Афорум мҩаԥысуан Шәача.

"Князь Владимир" уажәы Шәача-Новороссииск-Иалта-Севастополь-Шәача амаршрут ала иныҟәоит. Уажәшьҭа Аҟәагьы абарҭ ақалақьқәа ирыцлоит. "Князь Владимир" 600-700 пассаџьыр рҟынӡа рымҩангаразы алшара амоуп.

Аҟәа "Князь Владимир" ишаԥылаз

Sputnik аинтервиу азҭаз Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Захари Џьиоев иажәақәа рыла, ауаа еиҳа ирацәаҩхар, аӷбақәа рхыԥхьаӡарагьы иацҵахоит.

Аҵыхәтәантәи 26 шықәса Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иаҭаауаз аидарамҩангага ӷбақәа ракәын.

Акруизтә лаинер "Князь Владимир" Аҟәатәи амшынтә баӷәаза иадгылеит 2019 шықәса ԥхынҷкәын 2 асааҭ 9:40 рзы. Ари ахҭыс 1993 шықәса раахижьҭеи ҳбаӷәаза иамбацызт.

Арахь иааит аҳҭнықалақь ауааԥсыра, асасцәа. Абаӷәазахь днеиит Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба. Иара дырԥылеит "Амшынеиқәатә круизқәеи" Урыстәыла амшынтәи аӡиастәи транспорт азы Афедералтә маҵзура анапхгара.

Аиԥылара мҩаԥысит аԥсуа кәашарақәеи аԥсуа ашәеи ацны. Асасцәа ирыдгалан аԥаҭхь ала аԥсуа ҩы-какаҷ. Ишьҭырхит аныҳәаҿа, ачашә агьама ддырбеит. Аԥсны ахада днарыԥхьеит "Князь Владимир" ахь.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: