Аԥсны АҶА Гәдоуҭа хабарда ибжьаӡыз ауаҩԥсы иԥшаара иалагеит

86-шықәса зхыҵуа, Гәдоуҭа инхо ауаҩԥсы хабарда дыбжьаӡит ҳәа асоциалтә ҳақәа рыла адырра ҟаҵан ԥхынҷкәын 25 рзы.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Ибжьаӡыз ахаҵа икьаҿ, ихылԥа, илабашьа Гәдоуҭа ақалақь иахьаҵанакуа амшын аҟәараҿы ирбеит, ԥхынҷкәын 26 ашьыжь. Абри атәы аанацҳауеит АҶА апресс-маҵзура.

Аԥшааҩцәа рахь идҵаалеит ахаҵа иуацәа. Иҟоуп агәаанагара амшын дҭалазар ҳәа. Уажәы аԥшаарақәа мҩаԥысуеит амшын иахьаҵанакуа.