Аԥсны Жәлар реизара- Апарламент ареспубликатә биуџьет аднамкылеит

Аԥсны Жәлар реизара - Апарламент аҩбатәи аԥхьарала иаднамкылеит 2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи аԥхьарала иаднамкылеит 2020 шықәсазтәи ареспубликатә биуџьет.

Абиуџьет апроект азы рыбжьы рҭиит 16-ҩык адепутатцәа, 11 – ҩык мап ацәыркит, ҩыџьа рыҽныркалеит.

Адепутатцәа рыхәҭак рықәгыларақәа раан иазгәарҭеит абиуџьет асоциалтә ҭахрақәа ирықәшәом ҳәа.

Апроект иадгалан ариашарақәа аха абжьыҭираан дара зегьы мап рыцәкын.

Ареспубликатә биуџьет ахашәалақәа идыртәоит 8 миллиардки 115 миллиони 485 нызқь мааҭ, аныхрақәа – 8 миллиардки 348 миллиони 485 нызқь мааҭ. Ареспубликатә биуџьет адефицит иартәоит - 233 миллион мааҭ.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: