Арадио

Барганџьиа еиҭеиҳәеит ашықәс иалагӡаны шаҟа тонна апты еизгаз

Ақыҭанхамҩазы аҳәынҭқарратә еилакы агрономиа аҟәша аиҳабы Едуард Барганџьиа арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы ҳтәылаҿы апты аизгаразы акциа аихшьаалақәа ҟаиҵеит.
Sputnik
Барганџьиа еиҭеиҳәеит ашықәс иалагӡаны шаҟа тонна апты еизгаз

"Ааԥын еизган х-тоннак рҟынӡа, ҭагалан еизаҳгаз алуҵозар 6 тоннак рҟынӡа ҳнаӡоит. Зықьцыра кьылак алҵуеит, уи гәаҭаны ирымоуп ауаа. Птык хынтә ихтәаланы ихнахуеит 150 – 200 рҟынӡа акәтаӷь, еизгахаз зегьы аԥсабараҿы иаанхазгьы, урҭ еиҳагьы иҿион. Кьылак азы анхацәа зықь мааҭ роуит, иаадкылан хә-миллионк мааҭ инарзынаԥшуа аԥара анхацәа ирызшәан, зынӡагьы ари акциа иарбан быжь-миллонк. Аԥхьа анхацәа иԥхаршьозҭгьы апты ҟәшәаны аҭира, уажәы иара ақыҭанхамҩаҿы иҟанаҵо аԥырхага азҿлымҳара аҭаны аус рҽазыркит", - ҳәа иҳәеит Барганџьиа.         

Инеиҵыху аиҿцәажәара иара убас шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: