Ҳаџьымба апты азы: ажәлар шьҭа аԥышәа роуит аҟәшәареи анырҵәареи
"Гәылрыԥшь араион аҟны ирацәоуп (апты азы-аред.). Амала сынтәа иаҳа изламаншәалоу ажәлар шьҭа аԥышәа роуит акра, ахәшәтәра рзы. Еизганы иааргоит, уи азы аԥара роуеит. Аԥхьа шә-кьылак рҟынӡа аларҵеит, ари амчыбжь азы излаҳдыруа ала 70 кьыла рҟынӡа ркхьеит, иааргараны иҟоуп. Маҷара ақыҭанхамҩа аусбарҭа аҟны ирыдыркылоит аптқәа, кьыла цыԥхьаӡа зықь мааҭ рхыршәаауеит. Гәылрыԥшь, Дранда иаҳа имаҷзар ҟалап аптқәа, ашьхақәа ирыду ақыҭақәа рахь иаҳа ирацәоуп. Уахь ауаа иаҳа имаҷуп, изхәышәтәуагьы ус. Макьана дара аԥырра иаламгацт, ишдәықәлалак рыхәшәтәра ҳалагоит", - иҳәеит Ҳаџьымба.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik аҟны.