Беслан Бараҭелиа Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс деиҭалхуп

Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны Беслан Бараҭелиа Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс деиҭашьақәдырӷәӷәеит. Иара еиҭалхра инапынҵақәа рыҿҳәара анҵәара иадҳәалоуп.
Sputnik

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 - Sputnik. Ԥхынҷкәын 26 рзы Аԥсны Жәлар реизара-Апарламент аҟны Беслан Бараҭелиа Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс деиҭашьақәдырӷәӷәеит.

Апарламент аҟны Аԥсны ахада ихаҭарнак Дмитри Шамба иазгәеиҭеит Беслан Бараҭелиа еиҭалхра инапынҵақәа рыҿҳәара анҵәара иадҳәалоуп ҳәа. Маӡалатәи абжьыҭирала Беслан Бараҭелиа изы рыбжьы рҭиит 31-ҩык адепутатцәа.

Беслан Бараҭелиа диит цәыббра 11 1977 шықәса рзы Аҟәа. Далгеит аҟәатәи абжьаратә школ № 10. Ломоносов ихьӡ зху МГУ доушьҭымҭоуп. Аекономикатә ҭҵаарадыррақәа дыркандидатуп.

2005 шықәсазы– Аԥсны ахада Иусбарҭа азини аекономикеи рыҟәша ареферент еиҳабы. ААУ арҵаҩы.

2014 шықәсазы– Аԥсны ахада Иусбарҭа аекономика аусбарҭа аиҳабы.

Иара убри ашықәс азы Аԥсны Амилаҭтә банк ахантәаҩыс дшьақәырӷәӷәоуп.

Иара убас шәаԥхьар ҟалоит: