Дамениа ашықәсан ихадаз аполитикатә хҭыс азы: аиҿкаара агуп, зинла еиқәыршәам
© Sputnik
"Ҳәарас иаҭахузеи, имҩаԥысыз алхрақәа иаҳдырбо рацәоуп. Раԥхьа иргыланы иаҳдырбоит 20-25 шықәса рыҩнуҵаҟа алхрақәа ҳшырзыҟаҵамыз еиԥш ус ишаанхаз. Ари аҭагылазаашьа уадаҩымхозар, еиӷьхом. Аҳәынҭқарра ахада, апарламент, аҭыԥантәи анапхгарақәа роума, иалҳхуа, иахьакәзаалак аиҿкаара аҭахуп, убасгьы зинла еиқәыршәатәуп, аҩбагьы - иахьа уажәраанӡа иӡбаӡам.
Азакәан хадаҟны алагалақәа иҟарҵо еиҳагьы еиланагоит. Азакәан аиҭакрақәа аналаргало, ҳәарас иаҭахузеи, иҭҵаатәуп ҳаҩнуҵаҟа аԥсҭазаара шеиҿкаау, ишышьақәгылоу. Урҭ ҳарзымхәыцӡакәа, ҳхыԥшыланы, ихҩылааны аиҭакрақәа ҟаҳҵоит", - иҳәеит Дамениа.
Шәазыӡырҩы аудио. Иаҳа инеиҵыху анҵамҭа шәаҳар шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.