Жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" аусура сынтәатәи алҵшәақәа еихшьаалан Аҟәа имҩаԥгаз апресс-конференциаҟны. Апроект шьҭа хышықәса ирҭысит, уи Аԥсны аус адырулоижьҭеи 185 ҭаацәара рнапаҟны ирыҭан Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду иалахәыз рыуацәа рыхабарқәа зҳәо ашәҟәқәа ҳәа азгәеиҭеит апроект анапхгаҩы Григори Скворцов.
"Аибашьра Дуӡӡа аан ауаатәыҩса ирхыргаз, изынҟьаз-изынԥаз макьана еилкаамкәа иҳамоу рацәоуп. Уи ашьҭа ихыланы изыԥшаауа аус ду иаҿуп, ари аидеологиа ауп. Аҭоурыхтә гәалашәара, ҳауаажәлар еиуеиԥшым афронтқәа рҟны, аконцентрациатә лагерқәа рҟны ирхыргаз атәы ақьаад иананылалак, усҟан ихаҭәаахоит ҳ-Аԥсынтәыла аҭоурых.
…Ари зегьы ҳахаҵгылароуп, зегьы иаҳусуп, аҿаргы алаҳааӡароуп", - иҳәеит Занҭариа.
Инеиҵыху анҵамҭа шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҟны.
Жәларбжьаратәи арра-патриоттә проект "Ахьӡ архынҳәра" рызкуп Аџьынџьтәылатә еибашьра Ду аан хабарда ибжьаӡыз, аконцлагерқәа рҟны иҭархаз асолдаҭцәа анышә иахьамадоу аҭыԥқәа рыԥшаара. Апроект аус ауеит Аԥсны Атәылахьчара аминистрра адгыларала. Аинформациатә маҵзура Sputnik - информациатә партниорны иазыҟоуп.